Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа
Добавлено 25 декабря 2015 Orgel concerts
Абхазская филармония
Аҧснытәи, Аҳәынҭқарратә филармониа, Аҧсны акультура ижәытәӡоу аусбарҭақәа ируакуп. Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы иаҧҵаз афилармониа заҧҵамҭақәеи зҟазареи рыҟны иреиҕьу жәлар рытрадициақәа зныҧшыз арҿиаратә коллективқәа, акомпозиторцәа, ашәаҳәаҩцәа русура ахьымҩаҧысуаз центрк иаҩызан.
Аҧснытәи афилармониа, ақалақь агәҭаны иҟоуп, уи иара, аҭыҧ пшӡарақәа иреиуоуп, иеицырдыруа, аҧсуа композитор Р. Гәымба ихьӡ ахуп. Афилармониа асценаҟны иқәгылон иналукааша, аҟазара аусзуҩцәа, Аҧсны, Урыстәыла, ҧасатәи Асовет Еидгыла Ареспубликақәа рырҿиаратә коллективқәа.
Аҧснытәи, Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иаҧҵоу, аҭыҧҳацәа рвокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аҧсуа жәлар ринструментқәаҩымаа, ахымаа, аҧхьарца, адал, ачамгәыр ахьадырҳәо апрофессионалтә коллективқәа ируакуп.
1992–93 шш. Аҧсны Қырҭтәыла, аҳәынҭсовет ар ранапаҟны ианыҟаз афилармониа еимырҵәеит, иара ахыбра ахаҭаҧхасҭаҭан. Аиааира ашьҭахь арҿиаратә коллективқәеи иналукааша арҿиаратә усзуҩцәеи рырҿиара ахьымҩаҧысуа центрны иҟалеит.
Аҧснытәи, Аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа — Аҧсны жәлар рартист Алла Оҭырҧҳа (аф-но), Марина Шамҧҳа (аорҕан), Манана Шамҧҳа (асопрано), Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Нинель Бжьаниаҧҳа (аф-но), Родион Ҳагба (атенор), Лука Гаделиа (аорҕан), Нана Черқьезиа (асопрано), Кристина Ешба (асопрано) уҳәа уб. егь. аконцертқәа мҩаҧыргоит, Аҧсны араионқәа зегьы рыҟнеиҧш уи анҭыҵгьы рыпрофессионалтә ҟазара ҳаракы цәырганы. Афилармониаҟны аус ауеит, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Н. Саҕариа напхгара зиҭо аестрадатә гәыҧ «Аҧсны».
Р. Гәымба ихьӡ зху, Аҧснытәи, Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа, атәыланҭыҵынтә иеицырдыруа артистцәа.
Ахыбра ааигәа иеиҭашьақәыргылоуп, иахьатәи аамҭа иақәшәо маҭәахәла иеиқәыршәоуп асцена, иахьатәи апрофессионалтә ҭахрақәа зегьы нанагӡоит.
ВКонтакте Facebook Twitter Мой Мир Google+ LiveJournal